Аенергетика аминистр Баҭал Мышәба иҳәеит ареспубликаҿы уажәтәи аамҭазы абылтәы ҭаҵәахқәа шазхо, инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылатәи абылтәы џьармыкьаҿы иҟоу ауадаҩрақәа ҳасаб рзуны уи Аԥсныҟа аҭагалара ацҵара аҵак ду шамоу.
Аԥыза-министр аенергетика аминистрра анапынҵа аиҭеит иҟалар зылшо апроблемақәа ирласны раԥырҟәҟәааразы аџьармыкьа ахылаԥшра дырӷәӷәарц.
