Print this page
сегодня 21:53

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба иҳәеит имаҷуи ибжьаратәуи анаплакрқәа рыдгыларазы аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы акомиссиа аусура шеиҿкаау азакәанԥҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны

Иара иазгәеиҭеит акомиссиа аусураҿы ишцәырҵыз апроблема хадақәа ҩба: адокументқәа рыҭара аҿҳәара ахгара уи иахҟьаны аекономика аминистрра еснагь ианаамҭоу, апроектқәа аҭахрақәа иахьынӡарықәшәо азы ахәшьара азаҭом.

Ҩбагьы, хаз игоу аинвестициатә проектқәа рынагӡара иадҳәалоу ауадаҩрақәа, аиҳаракгьы адгьыл ҭыԥқәа ркатегориа аԥсахра ахьаҭаху. Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла иӡбан анаплакыҩцәа ргәазыҳәарақәеи иҟоу азинтә ԥкрақәеи ҳасаб рзуны ари азҵаара иҵегьы аус адулазарц.


Read 61 times