Print this page
сегодня 13:50

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба агәабзиарахьчара асистема аусзуҩцәеи аветеранцәеи Амедицинатә усзуҩы имш рыдиныҳәалеит

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара асистема аусзуҩцәеи аветеранцәеи!
 Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Амедицинатә усзуҩы имш!

 Ари аныҳәа еиднакылоит зегь раасҭа ауаҩы ибзиабара зныԥшуа азанааҭқәа змоу ауаа. Шәара есҽнытәи шәџьабаа иаҭахуп адырра ҵаулақәа, аҭакԥхықәра ҳаракы, ахамеигӡара, гәык-ԥсык ала ауаа ррыцҳашьара. Шәара зегь иреиҳау — ауаҩы игәабзиареи иԥсҭазаареи рыхьчара шәнапы иануп, уи ҷыдала изҭаху ацхыраара рышәҭоит.

 Ианакәзаалакгьы амедицинатә усзуҩцәа ауаажәларраҿы ҷыдала ҳаҭыр рықәын. Шәыпрофессионализми, шәус гәык-ԥсык ала азыҟазаареи, аҳақьымтә уалԥшьа азиашареи ирыбзоураны зықьҩыла ауаа ироуеит алшара аԥсҭазаара азыхынҳәразы, ргәабзиара ашьақәыргыларазы, уаҵәтәи амш агәрагара аиуразы.

 Амилаҭ ргәабзиара аҳәынҭқарратә политикаҟны ихадоу ахырхарҭақәа ируакуп. Атәыла анапхгара ҷыдала хшыҩзышьҭра арҭоит агәабзиарахьчара асистема аҿиара, амедицинатә усҳәарҭақәа рматериал-техникатә база арӷәӷәара, урҭ ҳаамҭазтәи амаругақәа рыла реиқәыршәара, амедицинатә усзуҩцәа русуразы иаԥсоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара, ауааԥсыра ирырҭо амедицинатә цхыраара ахаҭабзиара аизырҳара.

 Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәоит шықәсырацәалатәи џьабаала ҳтәылаҟны агәабзиарахьчара атрадициа ӷәӷәақәа азышьҭазҵаз, хәы змаӡам рԥышәа аспециалистцәа рабиԥара ҿа рыҭара иаҿу аветеранцәа.

 Ари аныҳәамш аҽны агәабзиарахьчара аусзуҩцәа зегьы ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҭынчра, ахирра. Ҭакԥхықәра дула шәзызнеиуа шәусура изыхәҭоу ахәшьара аиулааит еснагь, шәнапы злаку аус аҿы ишәымоу аихьӡарақәа ирыцзааит аҳаҭырқәҵареи анасыԥи».


Read 34 times