«Аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҵара – ари Урыстәылатәи амедиақәеи ҳареи ҳаимадарақәа рырӷәӷәаразы имҩаԥаҳго аусура ацҵара ауп иаанаго. «Аԥснымедиа» азы ас еиԥш аусеицура, егьырҭ Урыстәылатәи амасса информациатә хархәага дуқәеи ҳареи иҳабжьаҳҵахьоу аиқәшаҳаҭрақәа инарываргыланы, аԥышәа аимдареи еицаҳзеиԥшу апроектқәа рынагӡареи рзы алшара ҿыцқәа аанартуеит. Урыстәылатәи ҳколлегацәа аус рыцура ахә ҳаракны иаҳшьоит», – ҳәа азгәеиҭеит Роберт Џьопуа.
Есымчыбжьатәи аҭыжьымҭа ҷыда «Комсомольскаиа правда» актәи аномер Аԥсны ианҭыҵ инаркны аҭыжьра аус адызуло Урыстәылатәи ажурналистцәа, «Аԥснымедиа» аҟынтәи рколлегацәа ацхыраара рырҭоит.
Уажәы ааигәа, «Аԥснымедиа» аредакциаҿы аколлектив зегьы алархәны имҩаԥысит аиашьаратә тәылақәа ҩба ржурналистцәа рырҿиаратә еицәажәара. Урыстәылаа «Аԥснымедиа» ахҳәааҟаҵаҩцәеи акорреспондентцәеи ирабадырит, ԥхьаҟатәи рыгәҭакқәа ирылацәажәеит.
