Print this page
сегодня 21:28

«Аԥсны ахәыҷтәы фестиваль ду абжьы» жәларбжьаратәи апрограмма азырхиара иазкын ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа имҩаԥигаз аилацәажәара

«Аԥсны ахәыҷтәы фестиваль ду абжьы» мҩаԥгахоит ԥхынгәымза 6-10 рзы. Афестиваль сахьаркыратә напхгаҩыс дамоуп Урыстәыла жәлар рартист Сергеи Безруков. Аусмҩаԥгатә апрограмма иалоуп атеатртә қәыргыламҭақәа, акиноцәыргарақәа, арҿиаратә лабораториақәа.

Аилатәараан афестиваль хаҭабзиарала аҽазыҟаҵареи амҩаԥгареи ирзырхоу аиҿкааратә зҵаарақәа ркомплекс иалацәажәан.

«Ари еиҵагыло ҳабиԥара рзы акыр зҵазкуа хҭысуп. Ҳара хықәкы хадас иҳамоу афестиваль иҳараку аиҿкааратә ҩаӡараҿы амҩаԥгареи, ҳхәыҷқәа зегь реиҳа илашоу, хашҭра зқәым ацәаныррақәа роуртә еиԥш аҟаҵареи роуп», – ҳәа азгәеиҭеит Бигәаа.

Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла ахада ихаҭыԥуаҩ апрофильтә усбарҭақәа аусмҩаԥгатә аҽазыҟаҵаразы иахәҭоу анапынҵақәа риҭеит.

Ахәыҷтәы фестиваль ду — 2018 шықәса раахыс Урыстәыла жәлар рартист Сергеи Безруков иаԥшьгарала имҩаԥысуа зымҽхак ҭбаау культуратә проектуп. Апроект хықәкы хадас иамоуп ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи атеатртә, акинематографиатә, анимациатә, алитературатә ҟазарақәа рганахьала иреиӷьу аихьӡарақәа рырдырра.


Read 49 times