Адыррақәа аус рыдуларазы ацентр ахықәкы хадақәа иреиуоуп аҳәынҭқарратә информациатә ресурсқәеи адыррақәа рбазақәеи рышьақәыргылара, рыҵәахра, рхархәара, рыхьчара иазку асистема аԥҵара. Адыррақәа аус рыдуларазы ацентр аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусхкқәа зегьы рылҵшәа аизырҳареи, аҳәынҭқарра асоциалтә функциақәа рынагӡареи рзы алшарақәа рырҭбаара иацхраауеит.
Иара убас иазԥхьагәаҭоуп:
• арҵара, адыррақәа дуқәа анализ рзурази аинформациатә шәарҭадара аԥҵарази аспециалистцәа разыҟаҵара;
• аҳәынҭқарратә дыррақәа рыхьчаразы аинформациатә шәарҭадара асистема аԥҵара;
• аелектронтә шәҟәыеикәыршареи аинформациа аимдареи ирызку Аҳәынҭқарратә система алагалара.
Хара имгакәа иҟаҵахоит:
• аҳәынҭмаҵзурақәа рымҩаԥгаразы Афункциарацәа змоу центр аргылара;
• аелектронтә шәахтә сервисқәа раԥҵара;
• ацифратә енергетика уб.
Ацентр аартра иазкыз аныҳәатә церемониа иаҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, аԥыза-министр Владимир Делба, аиҳабыра, апарламент адепутатцәа.
