50 шықәса инеиҳаны иҵуеит ашәаҳәаҩ лыбжьы хаа аԥсуа оператә сценаҿы игоижьҭеи. Аҳәынҭқарратә капеллеи Р.Д. Гәымба ихьӡ зху Афилармониеи рсолистка аибашьра ашықәсқәа раан аибашьцәа дрыдгылан, ргәы лырӷәӷәон , иахьа Чычба А. ихьӡ зху аҵараиурҭаҿы ашәаҳәаҩ ҿарацәа еиҵалааӡоит.
Акультура аминистрра Манана Шамба лымшира гәык-ԥсыкала илыдырныҳәалоит.
«Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит шәбаҩхатәра дуи шәыԥсадгьыл гәык-ԥсыкала шәахьазыҟои рзы. Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, иҭамбаӡо агәацԥыҳәара, аманшәалара!»- ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
