Апроект иазԥхьагәанаҭон Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоу акандидат иқәра 45 шықәса еиҵамзар ауп ҳәа. Иааныжьу аценз инақәыршәаны Аҳәынҭқарра ахадарахьы дықәгылар ауеит 35 шықәса инаркны 65 шықәса рҟынӡа зхыҵуа атәылауаҩы.
Апарламент адепутатрахь акәзар 33 шықәса зхыҵуа инаиркны ихы ықәигылар ауеит ҳәа азԥхьагәаҭан. Иааныжьу ақәратә ценз инақәыршәаны адепутатрахь дықәгылар ауеит 25 шықәса зхыҵхьоу атәылауаҩы.
Апроект азы 13 бжьы ҭиин, 11-ҩык-аҿагылеит, 4-ҩык адепутатцәа рҽааныркылеит.
