Print this page
17.Рашәара.2026

Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны арҿиаратә индустриақәа рырҿиаразы» азакәан апроект

Аусшәҟшәы аус адулоуп акреативтә индустриақәа атәыла аекономикаҿы ихадоу секторк аҳасабала реиҿкаареи рыҿиареи рҿы рзинтә шьаҭақәа рышьақәыргыларазы.

Азакәан апроект раԥхьаӡа акәны иаланагалоит акреативтә индустриа, акреативтә аалыҵ, акреативтә индустриа асубиект, акреативтә кластер, акреативтә хаб реиԥш иҟоу аилкаарақәа, урҭ уаанӡа аус зуа азакәанԥҵараҿы ишьақәырӷәӷәамызт.

Аусшәҟәы, иара убасгьы, иҳәаақәнаҵоит арҿиаратә индустриақәа рыҿиара аусхк аҟны аҳәынҭқарратә политика апринципқәа, ишьақәнаргылоит иарбоу аусхк аҟны аҳәынҭқарратә усбарҭа хадақәа рзинқәа.

Апроект ахықәкы хадақәа ируакуп акреативтә индустриақәа рыхкқәа рышьақәыргылара.


Read 254 times