2026 шықәса ажьырныҳәамза 1 азтәи абанктә система аҭагылазаашьа аарԥшуп ареспублика Амилаҭтә банки акредиттә еиҿкаарақәа жәиԥшьи рыла.
2026 ш.алагамҭазы абанктә сектор аԥҟаԥҵәатә капитал иартәеит 724 млн мааҭ.
Акоммерциатә банкқәа рресурстә шьаҭа иацлеит атәылауаа рҭаҵәахрақәа реизҳара иабзоураны, ахархәаҩцәа рдепозитқәа 3 млрд 433 млн мааҭ еиҳахеит.
Еизаку акредиттә лагалақәа идыртәеит 7 млрд 400 млн мааҭ. Ари аԥара аҟынтә:
3 млрд мааҭ-аиуристтә хаҿқәа ирыҭоу акредитқәа;
2,7 млрд мааҭ-хаҭалатәи ахарҳәаҩцәа ирыҭоу акредитқәа;
1,6 млрд мааҭ иреиҳаны – хазхаҭалатәи анаплакыҩцәа ирыҭоу акредитқәа.
2025 шықәса аихшьаалақәа рыла аус зуа акредиттә еиҿкаарақәа 14 рҟынтәи 9 ахашәала роуит, иааидкыланы 433 млн мааҭ рыхә. Ацәыӡ змоу акредиттә еиҿкаарақәа рцәыӡ иартәеит 49,6 млн мааҭ.
Аԥсны абанк 2025 шықәса хнаркәшеит 126 млн мааҭ ахашәала аманы. Уантәи 25 млн мааҭ ареспубликатә биуџьет ахь ииагахоит.
2025 шықәса аихшьаалақәа рыла, акредиттә еиҿкаарақәеи Амилаҭтә банки ареспублика абиуџьеттә системахь инарышьҭит 414 млн мааҭ.
