Print this page
15.Рашәара.2026

Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә еилакы аҟны имҩаԥысит аилатәара

«Автотранспорттә хархәагақәа аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларазы» азакәан апроекти уи иадҳәалоу «Амҩатә шәарҭадаразы» азакәани аԥсахрақәа ралагалара иалацәажәеит аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә еилакы аҟны ҳәа аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.

Иалацәажәан автотранспорт аҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара азинтәи аиҿкааратәи шьаҭақәа рышьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны аус зыдулоу ариашарақәа.

Авторцәа ргәаанагарала азакәан иалнаршароуп анаҩстәи ауадаҩра хадақәа рҭышәныртәалара:

аҳәынҭқарреи ауаажәларреи ринтересқәа рзы ифеидоу аҳәынҭқарратә ҭаҩратә дыргақәа ранашьара аԥҟарақәеи апринципқәеи рышьақәыргылара;

автотранспорттә хархәагақәа рдыррақәа рактуалтәразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара;

ашәҟәы иҭагалам, мамзаргьы атехникатә гәаҭара ихымсыз автотранспортқәа рхархәаразы аԥынгылақәа раԥҵара.

Аилак алахәылацәа аӡбра рыдыркылеит Жәлар Реизара асессиа изаамҭанытәиу аилатәараҿы иарбоу азакәан апроект аҩбатәи аԥхьарала ирыдыркыларц рабжьыргарц.

Адепутатцәа, иара убасгьы, иахәаԥшит «Анхарҭатә еизыҟазаашьақәа рыхәҭак аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект.

Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла аилак абжьгара ҟанаҵеит Жәлар Реизара асессиа аилатәараҿы азакәан апроект актәи аԥхьарала ирыдыркыларц.


Read 383 times