Print this page
01.Абҵара.2022

31 ШЫҚӘСА РАԤХЬА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИАԤҴАХЕИТ КАВКАЗ АШЬХАРЫУА ЖӘЛАР РКОНФЕДЕРАЦИА.

Аҟәа. Абҵарамза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 31 шықәса раԥхьа, абҵарамза 1, 1991 шықәса рзы, Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит Кавказ ашьхарыуа жәлар  III Аизара Ду. Араҟа Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациа аԥҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.  

Нанҳәамза, 1989 шықәсазы кавказтәи амилаҭтә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥыргеит  Кавказ ажәларқәа I Реизара Ду. Араҟа иаԥҵахеит Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рассамблеиа. Жьҭаарамза 13 -  14, 1990 шықәсазы  Нальчик ақалақь аҿы имҩаԥысит Кавказ ашьхарыуа жәларқәа II Аизара Ду. Ари аусмҩаԥгатә аҿы иарбоу аиҿкаара 1918 шықәсазы иаԥҵаз Ашьхарыуатә Республика азинмдаҩны ишыҟоу азы алаҳәара ҟаҵахеит. Усҟан Ашьхарыуатә республика иалалеит Аԥсни Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи.

Абҵарамза 1-2, 1991 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз III Аизара Ду аҿы Кавказ жәаҩа республика ахаҭарнакцәа Аиқәшаҳаҭреи Кавказ ашьхарыуа жәларқәа рконфедеративтә еидгылара азы Адекларациеи рнапы аҵарҩит, иара убас Кавказтәи Апарламент, Абжьҟазаратә Ӡбарҭа, атәылахьчара акомитет, уҳәа егьырҭ аструктурақәа раԥҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Аконфедерациа аштаб-квартирас иҟалеит Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа.

Аконфедерациа ахаҭарнакцәа 1992  - 1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра активла иалахәын. Нанҳәамза 15, 1992 шықәса рзы Аиҿкаара ахыхьчаратә Комитет ахантәаҩы Сулҭан Сосналиев инапхгарала аконфедератцәа ргәыԥ Ԥсоу аӡиас ала ақырҭцәа рырхәҭақәа рхырӷәӷәарҭақәа ԥжәаны Гәдоуҭаҟа аара рылшеит.  Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы аиааира агара акыр рлагала ду аларҵеит.

 


Read 509 times - Аҩаша, 01 Абҵара 2022 13:58