Print this page
вчера 15:25

Аҟәа ахадара аделегациа усутә визитла Тамбов иҟоуп

Тамбов ақалақь ахада Максим Косенкови Аҟәатәи аделегациеи реиԥылара мҩаԥысит.

Ирылацәажәан акультуратә, аҵаратә, аспорттә еимадарақәа рырӷәӷәара ирыдҳәалаз азҵаарақәа, атуризми аекономикатә усеицуреи рырҿиара налаҵаны.

Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡеи жәларбжьаратәи аимадарақәа рыҟәша аспециалист Денис Рачителеви злахәыз аделегациа Аԥснытәи астудентцәа аҵара ахьырҵо Тамбовтәи аҳәынҭқарратә университет иаҭааит. Ауниверситет ахаҭарнакцәа Аԥснынтәи инеиз аделегациа алахәылацәа ирыдыргалеит афедералтә проект «Ауниверситеттә еиҭныԥсахлара» иалахәхарц.

Аделегациа иҭахаз афырхацәа ргәалашәаразы Амемориал «Наӡаӡатәи амца» амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Тамбов ақалақьтә Думаҿы имҩаԥысит амуниципалбжьаратә усеицура аҿиара иазкыз адепутатцәа рԥылара.


Read 185 times