«Аԥсны жәлар рзы Урыстәыла узықәгәыӷша ҩызан, дгылаҩ хаданы иҟан, иагьаанхоит. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит ашәарҭадара аиҿкаареи, аекономикеи асоциалтә усхки рырҿиареи, ҳреспублика аҳәынҭқарратә суверенитет арӷәӷәареи рзы Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо адгылара», – ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Аԥсны Ахада иҷыдоу аџьшьара ажәақәа изишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин.
Иара иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Ахада игәцаракреи ицхыраареи ирыбзоураны аҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа ихадоу ахырхарҭақәа зегьы рыла аҽырӷәӷәара, аҿиара ишаҿу.
Аҳәынҭқарра Ахада агәрагара ӷәӷәа ааирԥшит аҳәынҭқаррақәа реидгыларатә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа ринтересқәа рымаҵ шыруло ала.
Ареспублика ахада гәык-ԥсыкала Урыстәылатәи Афедерациа милаҭрацәала еилоу ажәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аманшәалара, аизҳазыӷьара, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылахәыз зегьы ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, анасыԥ, ақәҿиарақәа.
