Владимир Делба иҭабуп ҳәа реиҳәеит зымҽхак ҭбаау апроект алахәылацәа зегьы, аидеиеи аконцепциеи равторцәа инадыркны аҭыԥ аҿы аус зуа аргылаҩцәа рҟынӡа.
Ҷыдала дазааҭгылеит Башкортосҭан аԥыза-министр хаҭалатәи иалахәхара.
«Андреи Геннади-иԥа [Назаров] аинспекциа иманы ҳапроект уажәадагьы даҭаахьеит. Иахьа ҩаԥхьа ахәшьара аҳҭеит аргылаҩцәа рҽазышәарақәа. Ишрылаҳәаз еиԥш, аус хадақәа зегьы ианаамҭоу ихыркәшахоит», – ҳәа азгәеиҭеит аԥыза-министр.
Делба иҳәеит аиҭашьақәыргылара апроцесс аан ишцәырҵуаз амшцәгьақәа ирыдҳәалоу уадаҩрақәа. Ахәҭакахьала, лаҵарамзазы ақәоурақәа ирыхҟьаны аргылаҩцәа иазԥхьагәаҭаз аусурақәа ирласны рынагӡаразы алшара рымамызт. Ус шакәызгьы, ишьҭырхыз атемпқәа ирыбзоураны аиҵахара аиааира алыршахеит.
«Ҳара ҳақәгәыӷуеит иазԥхьагәаҭоу апланқәа зегьы рынагӡара алыршахап ҳәа. Аҟәа аԥшаҳәа иреиӷьқәоу ируакхоит, Аԥсны ауааԥсыра рыдагьы ҳаԥсадгьыл ссир асасцәа агәадура рызцәырнагоит. Ари апроект азы ихадоу аӡбамҭақәа рыдыркылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Сергеи Владилен-иԥа Кириенкои алархәны. Ари зымҽхак ҭбаау апроект қәҿиарала ахацыркра иабзоураны, иахьа араҟа имҩаԥысуеит зхаҭабзиара ҳараку аусурақәа», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Владимир Делба.
