Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиазы Акомиссиа апремиа аиуразы аконкурс шаарту рыланаҳәеит жәабран мзазы, аусмуҭақәа рыдыркылон рашәарамза 1-нӡа. Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәыргылазарц рылшоит: хаҭалатәи авторцәа рмонографиатә усумҭақәеи аколлективтә монографиақәеи; анаукатә комментариқәеи иҷыдоу аҭҵаарадырратә аппарати зцу ҿырҳәалатәии ҩыралатәии ахыҵхырҭақәеи академиатә жәарқәеи ифундаменталтәу томрацәалатәи рҭыжьымҭақәа; иреиҳау аҵараиурҭақәа рзы иоригиналтәу, авторцәа рхаҭақәа ртеориатәи рексперименталтәи ҭҵаарақәа шьаҭас измоу, арҵага шәҟәқәа.
Аҳәынҭқарратә премиазы иқәыргылазар ҟалоит аҵыхәтәантәи хышықәса рыла (2023–2025 шш.) акьыԥхь збахьоу аусумҭақәа. Аусумҭақәа рықәыргылара азин рыман аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усбарҭақәеи аиҳабыратә ҵараиурҭақәеи рколлективқәа.
Аилатәараҿы Акомиссиа алахәылацәа ицәыргаз аусумҭақәа аконкурс ахь рыдкыларазы рыбжьы рҭиит.
Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут апремиа аиуразы иқәнаргылеит Валери Бигәаа имонографиа «Аԥсуа традициатә динхаҵара», Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет – аԥсышәала иҩу Зураб Џьапуа имонографиатә ҭҵааамҭа «Нарҭаа ирыхҳәаау аԥсуа епос», Аҟәатәи афизика-техникатә институт – авторцәа ргәыԥ (урҭ рахьтә Едуард Кимкетови Анатоли Марколиеи ркандидатурақәа ықәыргылоуп) рмонографиа «Аԥсны аҩныҵҟа ахалашьақәыргыларатә фымцатә хыҵхырҭақәа рхархәара аԥеиԥшқәа».
Аконкурс аихшьаалақәа цәыббрамзазы ирылаҳәахоит.
