2026 шықәсазы Аԥсны иахьаҵанакуа имҩаԥгахоит акультуратә аԥшьгарақәа рзы Ахада ифонд адгылара знаҭаз зымҽхак ҭбаау апроектқәа жәпакы.
XXIV Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит...» - зымҽхак ҭбаау проектуп, еиднакылоит Урыстәылеи Аԥсни ркультура аусзуҩцәа нагақәа, аконцертқәеи арҿиаратә еиԥыларақәеи. Итрадициахахьоу афестиваль мҩаԥгахоит Аҟәа, Пицунда, Бедиа.
Нанҳәамза 28-29 рзы Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсни Урыстәылеи рмилаҭтә культурақәа раԥхьатәи Жәларбжьаратәи рфестиваль #ШОУАБХАЗИЯ, уи адҳәалоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара Амш.
Даҽа проект дук – аицлабра-афестиваль «Аԥагьацәа рмузыка-2026». Иара раԥхьаӡа акәны Урыстәылатәи Афедерациа анҭыҵ имҩаԥгахоит, еиднакылоит абаҩхатәра злоу аҿар.
Апроект «Афырхаҵа имҩа» Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа инаркны уажәтәи амшқәа рҟынӡа аурыс-аԥсуа ҭоурых-культуратә ҭынха аҭҵаареи, аиқәырхареи, аларҵәареи иазырхоуп. Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны цәыббрамза 30 рзы В.Г. Арӡынба ихьӡ зху аибашьра Ахьӡ-аԥша Аҳәынҭқарратә музеи аҿы аинтерактивтә експозициа аартра мҩаԥгахоит.
Жьҭаарамза 1-7 рзы Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп аурыс-аԥсуа ҭоурых-культуратә ҭынха иазку раԥхьатәи Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа.
2021 шықәса раахыс акультуратә аԥшьгарақәа рзы Ахада ифонда адгылара анаҭеит Аԥсны иадҳәалоу 63 проект. Ишьақәырӷәӷәоу аԥаразоужьра 1,2 млрд мааҭ рҟынӡа инаӡеит, даҽа 1,4 млрд мааҭ апроектқәа равторцәа еицырзеиԥшу афинансркра аҳасабала ирыҭан.
