Print this page
вчера 4:33

«Ҳара иаҳуалуп аицлабра зылшо аалыҵ аус адулара», – иҳәеит ЗҲәА амобилтә еилахәыра «А - Мобаил» адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Арсоу Ҳашба

Иара иазгәеиҭеит аамҭа Аԥсны ишаднаҵо ари адунеитә хырхаҭа ақәныҟәара. Уи игәаанагарала аилацәажәара иалкаау ашьаҿақәеи ахыдҵақәеи рышьақәыргылара иацхраароуп.

«IT-кластерқәа рмодельқәа инарҵауланы иҭаҳҵаахьеит. Ари аџьармыкьаҿы аиндаҭлара уажәы даара ицәгьоуп. Урыстәылатәи Афедерациаҿы IT-паркқәа русура аҿырԥштәы бзиақәа рацәоуп. IT-парк инарываргыланы Урыстәылатәи азакәанԥҵара иазԥхьагәанаҭоит IT-еилахәырақәа рзы ашәахтә зинҷыдақәа рыҭара аҳасабала адгылара. Аҳәаанырцәтәи IT-еилахәыра дуқәа жәпакы ртехнологиақәа рыманы аџьармыкьа иалҵны ицеит. Уажәы аимпорттә еиқәыршәара зыԥсахуа апрограммақәа еиқәзыршәо IT-еилахәырақәа ашәахтә зинҷыдақәа роур рылшоит», – иҳәеит Ҳашба.

Иара игәалаиршәеит аџьармыкьа аизҳара аамҭазы IT-усхк аҿиара адгыларазы еиуеиԥшым аформақәа рҭаххар шалшо.

«Урыстәыла иҟоуп «Сколковои» «Иннополиси» реиԥш иҟоу ацентрқәа. Петербургтәи афорум аҿы иара убасгьы иалацәажәан арегионалтә IT-усхк аҿиаразы Санкт-Петербург хазы IT-кластер аԥҵара. Абасала, Урыстәыла ари аџьармыкьаҿы аиндаҭлара акыр иӷәӷәоуп», – иҳәеит Ҳашба.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит уажәы Аԥсны зынӡа иуникалтәу акы адгалара шзалымшо, аха дҵас ишамоу аицлабра зылшо, аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа ԥырхага рызымҭо аалыҵ аус адулара.


Read 58 times