Аиԥылара аартуа, Владимир Делба Аҳәынҭқарра аҿиареи иахьа атәыла аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рыӡбареи рзы ацифраркра аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.
«Ари апроблема системала уазымнеикәа алҵшәа дуқәа роура залшом»,-иҳәеит аԥыза-министр. Иара ааԥхьара ҟаиҵеит арҭ ауснагӡатәқәа рынагӡаразы рымчқәа зегьы еиларҵарц, иҟоу алшарақәа рхы иадырхәаларц.
Делба игәалаиршәеит иарбоу апроблема ҷыдала ахшыҩзышьҭра шаиҭаз Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҿы имҩаԥысыз аиԥылара аҟны. Атәыла ахада усҟан иазгәеиҭеит ацифраркра ада атәыла асистематә ҿиара шзалымшо.
«Аамҭа ирласны аҽаԥсахуеит, убри аҟынтә ари аусхк аҿиара ырластәуп. Ирыдыркылаз аӡбамҭақәа, анапхгараҭаратә ӡбарақәагьы убрахь иналаҵаны, зынӡа иҿыцу азнеишьеи аинформациатә технологиа ҿыцқәеи шьаҭас ирымоуп. Аинновациатә платформа ҿыц аҿы аҭҵаарадырреи, аҵареи, абизнеси, аҳәынҭқарреи ринтеграциа хра злоу алҵшәа аанашьҭроуп», – иҳәеит Делба.
