Print this page
04.Рашәара.2026

Аҟәа араион Каман ақыҭан гәырӷьарала иазгәарҭеит иԥшьоу Василиск Комантәи игәалашәара амш ҳәа аанацҳауеит Аԥснытәи Аиашахаҵаратә уахәама ателеграм-канал

Изларҳәо ала,  аимператор Максимиан Галериа (305-311) имҩаԥигоз ашьҭашәарыцарақәа раан,  Римтәи аибашьҩы-ақьырсиан Василиск Христос дахьхаиҵоз азы ааха иоуит, уи иҭынхацәа Евтропии Клеоники дрыцны, иԥшьоу рныҳәарақәа ирыхҟьаны   Артемида лбаҟа аныбга ашьҭахь.

308 шықәсазы ацқьа Василиск Аԥсныҟа дахган, араҟа ауп гәаҟрыла иԥсҭазаара дахьалҵызгьы. Дахьыршьыз аҭыԥ аҿы, Каман ақыҭан иахьа игылоуп амҿтәы уахәама хәыҷы, анкьа  еиҳа ижәытәыз ауахәама ахьгылаз аҭыԥан.

Камантәи аберҭыԥ аҿы анцәаимҵаныҳәара ашьҭахь, имҩаԥган ацқьа Василиск иԥсыжырҭа инаркны уи ихьӡала иџьашьахәу аӡыхь ахьыҵыҵуа аҭыԥ аҟынӡа аџьартә ныҟәара.


Read 300 times