Ауснагӡатә еиднакылеит аҵарауааи, амчра ахаҭарнакцәеи, Аԥсни Урыстәылеи руаажәларреи. Аартра иалахәын Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, акультура аминистр Даур Ақаҩба, Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин. Афорум аадыртит амузеи адиректор Мзиа Беиеи Д.И. Гәлиа ихьӡ зху аԥсуаҭҵаара аинститут анапхгаҩы Арда Ашәбеи.
«Афестиваль рызкуп х-еибашьрак — 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи, 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи, иҷыдоу арратә операциеи. Иахьа ихадоуп зыԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз афырхацәа ирызку ииашоу адыррақәа раарԥшра. Аԥсны зыԥсадгьыл гәакьа зыхьчоз аибашьцәа рыдагьы, аиааира ааигәазтәуаз атыл аҿы аус зуаз ргәалашәара иахӡыӡааны ҳаҭыр ақәырҵоит», - ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.
Афорум иамҽханакуеит атемақәа жәпакы. Аиҿцәажәарақәа рыдагьы апрограмма иаҵанакуеит арккаратә хәҭа, идырбахоит Владислав Арӡынба изку адокументалтә фильмқәеи, амузеи аусзуҩцәа иаздырхиаз авидеонҵамҭақәеи. Аиҿкааҩцәа агәыӷра рымоуп ицәыргоу аҭҵааратә проектқәа аҵарауаа ҿарацәа рзы интеллектуалтә гәызҭаҵаганы иҟалап ҳәа.
Афестиваль еиҿнакааит аԥсуаҭҵааратә институти, аибашьра ахьӡ-аԥша амузеи, афонд «Аԥсуа ҭоурыхтә еилазаареи», иҭахаз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара анаунагӡатәразы ареспубликатә еиҿкаареи. Ари апроект инаҵшьны иаанарԥшуеит азеиԥш ҭоурыхтә ҵабырг аиқәырхареи аҭҵаарадырратә усеицура аҿиареи ирзырхоу Аԥсни Урыстәылеи ргуманитартә еинырра ӷәӷәа.
