Print this page
вчера 2:44

Иаарласны акаҳуажәырҭа «Брехаловка» аҿаԥхьа асқьала аиҭашьақәыргылара хацыркхоит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура

Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба, уи ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа ауаажәларратә проектқәа рыҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Александр Журавски, иара убас Краснодартәи атәылаҿацә аргылара аусбарҭа хада анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Станислав Болдачевски аҳҭнықалақь аԥшаҳәа иаҭааит, уаҟа иаарласны асқьала аиҭашьақәыргылара иалагоит.

В.Г. Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәеи», Урыстәылатәи арегионқәеи, Аԥснытәи абизнеси рыцхыраарала инагӡахо Аҟәа аԥшаҳәа арԥшӡара апроект иахәҭакуп асқьала арҿыцра.

Асқьала аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа аԥара азоунажьуеит Краснодартәи атәылаҿацә.

Агрбеи Журавскии иара убасгьы игәарҭеит егьырҭ аҭыԥқәа рҿы аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа.


Read 84 times