Print this page
сегодня 20:17

ААУ астудентцәа рхы аладырхәит Новосибирск ақалақь аҿы имҩаԥысуаз XIII Жәларбжьаратәи апоезиатә еицлабра «Акультура аеҵәахә»

Аицлабра иалахәын 12 тәыла: Индиа, Китаи, Бангладеш, Аладатәи Африкатәи ареспублика, Аԥсны, Бырзентәыла, Польша, Словениа уб.

 

ААУ ахьӡала иқәгылеит азиндырратә факультет астудентцәа Анабель Агрба Лаша Џьениа, Денис Малаичук, Валериа Мельникова, Олесиа Амқәаб, афилологиеи ажурналистикеи рфакультет астудент Лонда Хагәышь.

Аԥсуа студентцәа рцара еиҿылкааит ААУ аурыс бызшәеи азеиԥш бызшәадырреи ркафедра арҵаҩы еиҳабы Ельза Сабекьиа.   

Жәларбжьаратәи апоезиатә еицлабра аԥшьнагеит Новосибирсктәи аҳәынҭқарратә университет.

Аицлабра  азкын абызшәақәа реиқәырхареи адунеи ажәларқәа рбызшәақәа рыла апоезиа абжьы ахаҵара.

Аицлабра мҩаԥылгон абызшәеи акультурабжьаратә коммуникациеи ртеориа акафедра аиҳабы Наталиа Носенко.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа Анна Ахматова, Марина Цветаева, Фазиль Искандер, Роберт Рождественски, Владимир Высоцки, Даур Занҭариа рырҿиамҭақәа ирыԥхьеит.

Аицлабра аҳәаа иҭагӡаны уи алахәылацәа рзы еиҿкаан акультуратә программеи аныҟәарақәеи.


Read 71 times