Аконференциа азкын жәларбжьаратәи архитектура ҿыц ашьақәыргылара алацәажәара, ацивилизациақәа рыбжьара зинла еиҟароу адиалог арӷәӷәара, ишьақәгыло адунеитә еиҿкаараҿы Аладатәи атәылақәа рроль.
Афорум аусура рхы аладырхәит аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәа, аҵарауаа, аекспертцәа, еиуеиԥшым атәылақәа рхаҭарнакцәа. Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәеи ихадоу алахәылацәеи дреиуан Шиллер иинститут ашьаҭаркҩы Хельга Цепп-Ларуш.
