«Акыр иаԥсоу ахәыҷқәа! Ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амш!
Ахәыҷқәа – ҳара аԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш здаҳҳәало ҳгәыӷырҭақәа роуп. Ҳарҭ аиҳабацәа иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп шәарҭа ахьыҟам аҭынч ԥсҭазаараҟны насыԥ шәыманы ишәызҳаларц.
Ҳара уалԥшьаны иҳадуп ҵарала шәеиқәшәаны, ишәылоу абаҩхатәра аарԥшразы, арҿиаразы аҭагылазаашьақәа шәзаԥҵара.
Шәара иахьа шаҟа гәцаракрыла ҳшәызнеиуа еиԥш ауп ҳтәыла аԥеиԥшгьы шыҟало, мчы аманы ишеизҳазыӷьало. Дарбан хәыҷызаалак идыруазароуп хылаԥшра шимоу, абзиабареи ацхыраареи шигымхо игәы бзианы, ихы дақәгәыӷуа изҳаларц азы.
Ишәыгымзааит ахәыҷра анасыԥ шкәакәа, шәааигәа иҟазааит еснагь аҩызцәа иашақәа, шәгәыхәтәқәа шәрыхьӡааит.
Шәыԥсҭазаараҿы иҟазааит есҽны аԥхарра, аԥшӡара, ахаара!»