Print this page
сегодня 15:24

Бадра Гәынба: Ҳреспублика хәыҷы ахьӡ еиҳа-еиҳа ирылаҵәо, хыԥхьаӡара рацәала ауаа аднаԥхьало аҟалара иаҿуп

Абри атәы иҳәеит атәыла Ахада Бадра Гәынба апроект «Аԥсны абжьгара ҟанаҵоит» афинал аҿы.

Аҳәынҭқарра Ахада агәра ганы дыҟоуп аԥсшьаразы анаҩсангьы, ибеиоу ажәлар ртрадициақәа ирызҿлымҳаханы иаауа шмаҷҩымхо.

«Атуристцәа адзыԥхьало амшыни аԥсабареи рымацара ракәӡам — аӡәырҩы гәык-ԥсыкала иазҿлымҳауп ҳмилаҭтә ҷыдара, ҳаԥсҭазаашьа, аҿар шаҳааӡо. Урҭ зегьы ҳасасцәа ишахәҭоу ирызнагатәуп», - иҳәеит Гәынба.
Апроект нарыгӡоит Аԥсны атуризм аминистрреи икоммерциатәым автономтә еиҿкаара «Аԥсны акомандеи», аплатформа Урыстәыла — алшарақәа ртәыла» ацхыраарала.


Read 32 times