Маиа Цыбулевскаиа алахәылацәа аицлабрақәа ралагара рыдылныҳәалеит.
«Арҵаҩрацәа иҭабуп идуӡӡаны ҳәа расҳәоит зхаҭабзиара ҳараку азыҟаҵаразы. Аҵаразы аинтеллект адагьы ихадароуп агәамч ӷәӷәа, иара убас маха-шьахала аҿиарагьы акраҵанакуеит. Ишәзеиӷьасшьоит шәеихьӡарақәа реихаҳара», – лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ.
Аҵара аминистр Хана Гәынба аицлабрақәа ирылахәыз ирзеиӷьалшьеит аманшәалареи ақәҿиарақәеи.
Аицлабра еизнагеит атәыла араионқәа зегьы рҟынтәи 1238-ҩык ашколхәыҷқәа. Аспартакиада мҩаԥыслоит лаҵарамза 29 инаркны рашәарамза 22 рҟынӡа. Аиааиразы иқәԥоит аа-командак, ареспублика араионқәа быжьбеи Аҟәа ақалақьи рҟынтәи еизгоу акомандақәа.
Аицлабрақәа рыпрограмма иалоуп 14 спорт хкы, иара убас итрадициатәу амилаҭтә хәмаррақәа.
Аусмҩаԥгатә еиҿкнакааит аҵара аминистрра.
Араионқәа рҟынтәи иааз акомандақәа рзы Аҳәынҭқарратә лицеи-интернат аҿы хәыда-ԥсада анхареи акрыфареи азԥхьагәаҭоуп. Аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аамҭа иалагӡаны ахәыҷқәа иахәҭоу зегьы рыла еиқәыршәахоит.
