Print this page
вчера 1:36

Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль адирекциа ахаҭарнакраҿы аҿыханҵазы арҿиаратә мастер-класс мҩаԥысит

Алекциеи апрактикатә зыҟаҵареи аҟазараҿы абстракционизм ажанр иааннакыло аҭыԥ иазкын. Амастер-класс алагамҭазы уи амҩаԥгаҩ, Миа Абӷаџьаа, алахәылацәа ирзеиҭалҳәеит аҟазараҿы абстракционизм аиреи аҿиареи. Дырзааҭгылеит еицырдыруа ажанр азҟазацәа: Васили Кандински, Франц Марк, Џьексон Поллок русумҭақәа.

Азыӡырҩцәа активла ахцәажәара иалахәын, азҵаарақәа рҭиуан. Анаҩс алахәылаҩцәа апрактикатә хәҭахьы ииасит. Абӷаџьаа алахәылацәа ахақәиҭра нагӡа рылҭеит рцәаныррақәа раарԥшразы, лара лажәақәа рыла уи акраҵанакуеит. Амастер-класс аҿы алахәылацәа аԥшшәи ашәы́гахьшьыгқәеи аус рыдуларазы рԥышәа еиздырҳаит, доусы акы иаламҩа ихатә ҭыхымҭа маҷ аԥиҵеит.


Read 42 times