«Аԥсадгьыл аҳәаақәа рыхьчара ианакәзаалакгьы иҷыдоу аҳаҭыри, агәымшәареи, аҭакԥхықәра ҳараки ирусын иԥхьаӡоуп. Иахьа Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа атрадициа хьӡырҳәагақәа ирыцырҵоит, ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи реиқәыршәаразы адҵақәа хьыӡла-ԥшала инарыгӡоит.
Аԥсны ахә ҳаракны иршьоит шәзанааҭдырра, шәмаҵура гәык-ԥсыкала азыҟазаара, ҳтәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара аус аҿы аԥсуа ҳәаахьчаҩцәеи шәареи шықәсырацәалатәи шәусеицура. Уи иабзоураны ҳтәылауаа рҭынчреи ршәарҭадареи алыршахоит». - ҳәа азгәаҭоуп адныҳәалараҿы.
Бадра Гәынба Аҳәаахьчаратә Усбарҭа анапхгареи хаҭалатәи аилазаареи ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, амаҵзураҿы ақәҿиарақәа, аҭынчра.
