Ари аныҳәа символра азнауеит агәыҳалалра, арыцҳаибашьара, доуҳала аҽрыцқьара, аихаҵгылара.
Аԥсынтәыла ахаангьы ауаҩы динс иныҟәигозаалаак ҳаҭырқәҵарыла иазнеиуан. Ас еиԥш иҟоу азнеишьа ауаажәларра реидгылара, ҳаҭырла реизыҟазаашьа алнаршоит.
Абри аныҳәа амш аҽны ишәзеиӷьысшьоит агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа, шәнапы злаку аусқәа рыҟны аманшәалара.
Ҩнаҭацыԥхьаӡа иҟазааит аҳәоуеиқәшәара, аилибакаара, уаҵәтәи амш агәрагара».
