Ашәҟәы авторс дамоуп урыстәылатәи ашәҟәыҩҩы, арежиссиор‑адокументалист Максим Гуреев. Ари еицырдыруа аԥсуа прозаик, апоет, ажурналист, асценарист Даур Занҭариа раԥхьатәи инысымҩа ауп. Аусумҭа шьаҭас иамоуп архивтә усшәҟәқәеи ашәҟәыҩҩы ихааныз ргәалашәарақәеи. Ашәҟәаҿы, иара убас, иаарԥшуп Занҭариа илитературатә ҭынха.
Ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа аусмҩаԥгатә аартуа иазгәеиҭеит:
«Аԥсуа иқәранҩҵыра иаҿырԥшны иаҳгозар ақәра маҷ нызҵыз, аха уи аамҭа иалагӡаны аҩымҭа дуқәа раԥҵара зылшаз ауаҩы игәалашәара иазкуп иҷыдоу иахьатәи ҳаиԥылара. Аԥсышәалагьы урысшәалагьы иҩуаз апрозаик иҩымҭақәа аԥхьаҩцәеи акритикцәеи рыхә ҳаракны иршьахьеит. Акыр аҵанакуеит, ҳара ҳ-Даур изку ашәҟәы ахьҭыжьу, уи еиқәнархоит ирҿиареи игәалашәареи».
Аӡыргара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩцәа, арҿиаратә интеллигенциа рхаҭарнакцәа, Даур Занҭариа иуацәеи иҭынхацәеи.
Ашәҟәы аҭыжьра аԥшьыргеит Даур Занҭариа ихьӡ зху Ацентр анапхгаҩы Циза Гәымбеи аҵарауаҩ Баҭал Кобахьиеи. Апроект афинанстә цхыраара аиҭеит Урыстәылатәи амуниципалтә академиа академик Беслан Кобахьиа.
