Аиԥылара иалахәын урыстәылатәи ашәҟәыҩҩы, арадио асценарист, ажурналист Марина Москвина, апрозаик, асценарист, арежиссиор Максим Гуреев, апоет, аҭҵааҩы Игор Сидоренко, иара убас асахьаҭыхыҩ Леонид Тишков.
Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Бадра Гәынба иазгәеиҭеит урҭ Аԥсны рбара дшеигәырӷьо, иҭабуп ҳәа реиҳәеит аԥсуа культуреи, алитературеи, зегь раԥхьаӡа иргыланы Даур Занҭариа ихаҭареи ирҿиареи иахьрызҿлымҳау азы.
Атәыла Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны азы Даур Занҭариа абаҩхатәра злоу, зыжәлари зкультуреи гәык-ԥсыкала бзиа избоз уаҩны дшыҟаз. Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа рҿы иккаӡа иааԥшуеит аԥсуа жәлар рҟазшьа.
Бадра Гәынба игәалаиршәеит аурыс шәҟәыҩҩы ду Андреи Битов Даур Занҭариа ибаҩхатәра ахә ҳаракны ишишьоз.
Аҳәынҭқарра Ахада аиԥылара алахәылацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Даур Занҭариа игәалашәара аиқәырхаразы, иԥсҭазаареи ирҿиареи рыҭҵааразы, иара убас иҭынха аԥхьаҩцәа рабиԥара ҿыцқәа рыларҵәаразы. Иара иазгәеиҭеит ари аус аԥсуа-аурыс культуратәи адоуҳатәи еимадарақәа рырӷәӷәараҿы алагала ду шыҟанаҵо.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз атәыла ахада иҳәеит аусԥҟа инапы шаҵаиҩыз аԥсуа-аурыс литературатәи акультуратәи еимадарақәа рырӷәӷәараҿы рлагала ҷыдазы «Ахьӡ-Аԥша» аорден ранашьазац: урыстәылатәи ашәҟәыҩҩы Марина Москвина, ашәҟәыҩҩы, арежиссиор Максим Гуреев, иара убас апоет, аҭҵааҩы Игор Сидоренко.
