Алитургиахь ари амш аҽны еизоит Аԥсны ауахәамақәа рҿы иҟоу Аԥсуа Иашахаҵаратә Уахәама анцәахаҵаҩцәа. Аныҳәара мҩаԥгахоит Аҟәатәи акафедралтә уахәамаҿы ашьыжь асааҭ 9 рзы ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент изеиҭеиҳәеит аиеромонах Давид (Гәазаа).
«Аԥсны Иԥшьоу амитрополиа» амаӡаныҟәгаҩ Герман Маршьан Аԥсныпресс иазеиҭеиҳәеит архимандрит Дорофеи (Дбар) Афон Ҿыцтәи аберҭыԥ ацқьа Пантелеимон иныхабаа хадаҿы асааҭ 9:00 рзы анцәаимҵаныҳәара шымҩаԥиго, уи ашьҭахь ацқьа Симон Кананит иныхачаԥа рыманы аныҟәара шымҩаԥысуа. Анаҩс изҭаху зегьы аныҳәатә еишәачара рҽаладырхәыр рылшоит.
Маршьан иажәақәа рыла, есышықәса арҭ атрадициатә усмҩаԥгатәқәа Аҭыԥантәи ауааԥсыра рыдагьы уи асасцәагьы аднаԥхьалоит.
«Есышықәсатәи анцәаратә литургиа рҽаладырхәуеит ҳтәыла асасцәагьы, урҭ рӷьырак ҷыдала ари амш аҽны иаауеит», – иҳәеит Маршьан.
Москва иҟоу Донтәи аберҭыԥ аҿы апостол Симон Кананит игәалашәара амш аҽны аныҳәатә литургиа мҩаԥгахоит. Анцәаимҵаныҳәара иахагылоит аиеромонах Арсен (Џьелиа), аиеродиакон Гьаргь (Аиба). Алитургиа алагоит асааҭ 07:00 рзы. Алахәхаразы ааԥхьара рымоуп Москватәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа, иара убас аиашахаҵаратә дин ныҟәызго зегьи.
