Беата Аршба 57 кьыла рҟынӡа зыкапан ыҟоу рыбжьара дықәгылон. Аршба дықәгылон «Москватәи ақалақьтә ҵаратә спорттә округ» ахьӡала. Лара х-еиндаҭларак мҩаԥылгеит, аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла Урыстәыла абоксиорцәа ӷәӷәақәа Рыспартакиада алахәхара азини лоуит. Иара убасгьы иланашьан аԥхьахә «Аиааира агәазыҳәаразы».
Беата Аршба абокс азы Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Альберт Карди-оглы иааӡамҭа лоуп.
