Агастрольқәа еиҿкаауп Аԥсны акультура аминистрра ацхыраарала.
«Ҳоркестр азы ари Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿы раԥхьатәи қәгылараны иҟалоит», – иҳәеит ансамбль анапхгаҩы Денис Арухаа.
Ахәаԥшцәа ирыдгалахоит амилаҭтә культуреи атрадициақәеи рбеиара аазырԥшуа Аԥсны амузыкатә ҭынха.
Агастрольқәа мҩаԥыслоит лаҵарамза 27-нӡа.
