Print this page
сегодня 21:14

Акьанџьақәа рыҟаҵара азҟаза Асида Аҳәба лусумҭа «Коломбина» ӡыргахоит Мадрид, ацәыргақәҵа MunecArt аҟны, лаҵарамза 29-31 рзы

Акьанџьа аԥҵоуп аԥсуа сахьаҭыхыҩ Александр Чачба-Шервашиӡе 1909 шықәсазы Николаи Евреинов испектакль «Илахҿыху аԥсра» иазикыз аескиз амотивқәа рыла.

Асахьаҭыхыҩ иусумҭа аоригинал 2024 шықәса ажьырныҳәамзазы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хада ахыбраҿы иҟалаз амцакра иалаблит.


Read 29 times