Print this page
вчера 0:29

Аҟәа иазгәаҭан Кавказтәи аибашьра иалаӡызргәалашәара Амш

Есышықәса еиԥш,маи 21 рзы Аԥсны иазгәарҭеит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш.

Агәырҩа хьанҭазцу аԥсҭбарақәа, ахҵәара, амлакра, ачымазарақәа зыԥсадгьыл иахгаз зҭагылаз, ирхыргозарыцҳарақәа угәаланаршәоит ари Амш.Кавказтәи аибашьраанхыԥ­хьаӡара рацәала иҭахон Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, иԥсуан ахәыҷқәа, аҳәса, абыргцәа.Аха зегь раҵкыс аԥсуа-­адыга жәларқәа рзы трагедиа духеит ахҵәара. Ари ацәқәырԥаиамҽханакит ашьхаруа жәларқәа реиҳараҩӡак.

Акыр арыцҳарақәа ирыниазаргьы, аԥсуа жәлар рыԥсадгьыл ахәышҭаараҿы еиԥш, зынӡа имыӡит атәым дгьылаҩны. Еиқәхаз ирыхшаз, урҭ ирыхшаз роуп иахьа аԥсуа диаспорақәа ҳәа ирдыруа.Рымцахә мырцәакәа,аӡыблара иалҵны, ҩаԥхьа ишьақәгылеит, ахеиқәырхара амҩа ианылеит. Абжьааны еиԥш,иахьагьы адунеи аҭынчра ацәмаҷуп, рҵыхәа ԥҵәом аибашьрақәа, иаангылом амақаррақәа,ақәымчрақәа, аимак-аиҿак. Абарҭқәа ҳасаб рзуны, хымԥада, ҳажәлар аҽеидкылареи ажәҩахыреибыҭареирыда ԥсыхәа рымам. Даҽа аамҭак еиԥшымкәа, ҳазҭагылоу аамҭазы ҳажәлар адгылареи акзаареирҭахуп. Аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаагьы рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рхьарԥшреи рырхынҳәреиахшыҩзышьҭра аҭахуп, егьазааԥсалатәуп. Избан акәзар, урҭ рхатәы бызшәа аиқәырхареирмилаҭ хдырра ашьҭыхреи ирыдҳәалоу рацәоуп рыԥсадгьыл иахәҭакны рыҟазаараҿы.Амҳаџьырцәа ргәалашәараиазкыз аусмҩаԥгатәқәа ҩымш имҩаԥысуан.

Маи 20 рзы иаартын ашьапылампал маҷ иазкызачемпионат, «Нарҭаа реиԥхныҩлара ду» ҳәа аицлабра. Еиҿкаан амҳаџьырра иазкыз афотоцәыргақәҵа.С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны идырбан аспектакль «Амҳаџьырқәа».Иара убас, аԥсуа жәлақәа рбираҟқәеи ргербқәеи кны, Амҳаџьырцәарыԥшаҳәа ианысит ари атрагедиа зыхҭызгаз рхылҵшьҭрақәа.


Read 52 times