Иара иазгәеиҭеит иҳаҩсыз ашықәсқәа ирылагӡаны ирзынамыгӡаз агәҭакқәа шыҟоу, аха урҭ рыцәхьаҵра, мап рыцәкра шиашам.
«Ари ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи рҿаԥхьа еицаҳзеиԥшу ҭоурыхтә миссиоуп. Агәра ганы сыҟоуп ҳполитикатә процесс аҳәаақәа ирҭагӡаны егьырҭ апартиақәагьы, иара убас ауаажәларратә еиҿкаарақәагьы шҳацло. Урҭ зегьы рзы ашәқәа аартуп. Ҳара ҳзеиԥш хықәкы-ҳҳәынҭқарра аргылара ауп.
Сара хықәкыс исымоуп дарбанзаалакгьы, дызтәу аган, игәаанагара ҳәа еилых ҟамҵакәа аусеицурахьы иадыԥхьалара. Aгәра ганы сыҟоуп, ииашаҵәҟьаны ҳаизыӡырҩыр алҵшәа бзиақәа шҳауа».
