«Иҭабуп ари аԥшьгаразы, иара убас уи иақәҿызҭыз, иадгылаз зегьы. Ҳара иаҳуалуп аизыӡырҩреи аицәажәареи. Ара ишазгәарҭахьоу еиԥш, аиаша еибаҳҳәароуп.
Ҳтәылазы ацәгьара зҭаху уаҩ дҳалам. Ҳара зегьы иаҳҭахуп Аԥсны аԥсҭазаара еиӷьхарц. Иҟалап амчреи аоппозициеи ари ахықәкы анагӡаразы ирбо амҩақәа еиԥшымзар, аха аҵыхәтәаны ҳара зегьы иаҳҭаху акоуп — ҳтәылеи ҳажәлари реизҳазыӷьара», - иҳәеит ахада ихаҭыԥуаҩ.
Бигәаа иҳәеит ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа акырӡа шрыҵаркуа.
