Аусутә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп Урыстәыла аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа рԥылара.
Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп:
Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, астратегиатә усеицура адепартамент анапхгаҩы Џьемал Бганба, Аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡба, Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аус рыцуразы Адепартамент ареферент еиҳабы, адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу адипломат ҿарацәа Рхеилак ахантәаҩы Асҭанда Патараиа.
Аусутә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп Урыстәыла аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа рԥылара.