Аусмҩаԥгатә иара убас иалахәын Урыстәылатәи Афедерациаҿы аккредитациа змоу адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәагьы.
Адипломатиатә дкылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Одиссеи Бигәааи ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес Мехиеи реицәажәара мҩаԥысит.
Аганқәа иазгәарҭеит Аԥсни Никарагуеи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы рырӷәӷәара ишазҿлымҳау, иара убас ҩ-ганктәи аусеицура апрактикатә хырхарҭақәа рыҿиара гәҭакыс ишрымоу ҳәа аанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
