Print this page
28.Жьҭаара.2022

АНАПХГАРАБЖЬАРАТӘИ АХЫҚӘКЫТӘ ПРОГРАММА «АДЕМОГРАФИА АҾИАРА 2022 Ш.» АИҬАКРАҚӘА АЛАГАЛОУП.

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы Анапхгарабжьаратәи ахықәкытә Программа «Адемографиа аҿиара - 2022 шықәса» аиҭакрақәа аларгалеит.

Иарбоу аиҭакрақәа есымша Аԥсны инхо, милаҭла иаԥсыуаау аҭаацәа рҿы ахԥатәии уи ишьҭанеиуеи ахәыҷи рираан 100 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо зныктәии аԥаратә цхыраагӡа рызшәара иадҳәалахоит:

2020 шықәса аԥшьбатәи аԥшьбара азы ииз (ҭаацәак), 2021 шықәазы ииз;

2022 шықәса, ажьырныҳәамза  1 инаркны ԥхынҷкәынмза 31 аҟынӡа ииз.


Read 402 times - Ашәахьа, 31 Жьҭаара 2022 14:01