Print this page
28.Жьҭаара.2022

11-ҨЫК АԤСНЫ АТӘЫЛАУАА АНХАРҬАЗЫ АХӘԤСА АШӘАРА АҞЫНТӘИ РХЫ ИАҚӘИҬТӘУП.

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны атәылауаа гәыԥҩык аҳәынҭқарратә нхарҭатә фонд аҟынтәи ахатәра аҳасабала анхарҭаҭыԥ рыҭараан ахәԥса ахшәаара аҿы азинҷыда рыҭара азы ақәҵара рыдыркылеит.

Убас азинҷыда рыҭахоит: Умуҭ Агрба, Џьулиетта Аҭружба, Абраскьыл Ачугба, Альдона Џьалагониа, Есма Кәыдба, Хаири Кәтарба, Роланд Папба, Мамука Чазмаа, Хабас Шереметов, Еқрем Ешба.

Урҭ аҳәынҭқарратә нхарҭатә фонд аҟынтәи ахатәра аҳасабала ирыҭахо анхарҭаҭыԥ ахәԥса ахшәаара аҟынтәи рхы иақәиҭтәхоит.

Аџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра азы аҳәынҭқарратә Еилакы иҟанаҵаз аҳәара ала аҳәынҭқарратә нхарҭатә фонд аҟынтәи изоужьу анхарҭаҭыԥ азы ахәԥса ашәара аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп арепатриант, Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика  ԥхьатәара иҟоу аинрал-маиор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы аус зуа Бакир Мунир Абдел Саламович.


Read 400 times - Ашәахьа, 31 Жьҭаара 2022 13:47