Print this page
сегодня 18:24

Аԥсны имҩаԥысуеит Владислав Арӡынба игәалашәара иазку аветеранцәа рыбжьара ашьапылампыл азы Жәларбжьаратәи атурнир

Атурнир аартра иазкыз аныҳәатә церемониа Алада Ешыра ақыҭан иҟоу, Варлам Лакрба ихьӡ зху «Учхоз» астадион аҿы имҩаԥысит. Уи иалахәын раԥхьатәи ахада иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергениа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-аԥша амузеи адиректор Мзиа Беиа, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Асҭамыр Кациа, Аҟәа араион Ахада Алхас Ҷыҭанаа, Аерман хеилак ахантәаҩы Алик Миносиан убас егьырҭгьы.

Ҭарашь Ҳагба Аԥсны Ахада Бадра Гәынба ихьӡала аспортсменцәа дрыдныҳәалеит. Владислав Арӡынба игәалашәара иазку 16-тәи жәларбжьаратәи атурнир аартуа, инаҵшьны иазгәеиҭеит: «Владислав Григори-иԥа аҭҵаарадырратә дунеи дахаҭарнакын. Аха бзиа иибоз иус ааныжьны, иахьа зхы иақәиҭу, ихьыԥшым атәылаҿы ҳанхарц азы милаҭрацәала еилаз ижәлар даарывагылеит. Ҳтәыла аҿар ахаан ирхашҭраны иҟаӡам ҳабацәа рфырхаҵара» .


Read 32 times