Владимир Путин Аԥсны ахада бзиала шәаабеит ҳәа иаҳәауа иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа дахьрылахәыз азы.
«Шәара шәзы ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа рҿы аҟазаара џьашьатәӡам, избан акәзар, 55 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду рхы аладырхәит, 23-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵан. Иҟан Ахьӡ-аԥша аорденқәа хԥа змазгьы, 17 нызқьҩык инареиҳаны иҭахеит, уи ахаҿаагара уадаҩуп», - иҳәеит Путин.
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иазгәеиҭеит аԥсуа жәлар рзы абиԥарақәа ргәалашәара, аҳаҭыр рықәҵара шхымԥадатәиу.
