Print this page
09.Лаҵара.2026

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Ашҭа Ҟаԥшь аҿы имҩаԥысуаз Аиааира апарад ихы алаирхәит

Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыги Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 81 шықәса ахыҵра иазкыз Москва имҩаԥысуаз арратә парад рхы аладырхәит.

Апарад анхыркәшаха Урыстәыла Ахада Владимир Путини аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рхадацәеи аибашьра ашықәсқәа раан иҭахаз ргәаладыршәеит. Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи иԥшәмаԥҳәыси Александровтәи абаҳчаҿы Идырым Асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.


Read 402 times