Print this page
09.Лаҵара.2026

Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Бадра Гәынба ихьӡала ҳџьынџьуаа Аиааира ду амш рыдиныҳәалеит

«Акыр иаԥсоу ҳџьынџьуаа! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит аныҳәа ду-Аиааира амш. Ари иԥшьоу амш наунагӡа ауаатәыҩса рҭоурых аҿы агәымшәареи, ахачҳареи, аԥсадгьыл хамеигӡарада абзиабареи ирсимволны иаанхоит. Егьа шықәса царгьы, Аиааира ду аҵакы ыӡуам, уи абиԥарақәа зегьы рзы имҩақәҵаганы иҟазаауеит. Аԥсны жәлар Асовет Еидгыла ажәларқәа зегьы реиԥш аԥсадгьыл ду анемец-фашист мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ирыхьчеит. Зықьҩыла ҳџьынџьуаа афронт ахь ицеит урҭ иаадырԥшит, афырхаҵареи ахамеигӡареи», — ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.


Read 304 times