Print this page
09.Лаҵара.2026

Аҟәа имҩаԥысит акциа «Ԥсра зқәым аполк»

Лаҵарамза 9 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь ҩаԥхьа жәларбжьаратәи амемориалтә акциа аҽаланархәит. Шәҩыла ауаа рабдуцәа - Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәыз рпатреҭқәа рыманы ақалақь амҩадуқәа рахь ицәырҵит, афронти атыли рҿы аиааира зчаԥоз ргәаладыршәарц.

Ари акциа иалахәыз зегьы шьыжьнаҵы С. Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа иҟоу ашҭаҿы еизеит.

Акциа иалахәу зегьы атеатр аҟынтәи амшын инаваршәны Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәала ицоит, уантәи Аидгылареи Гәлиеи рымҩақәа рахь ииасуеит. Ахақәиҭра ашҭаҿы ианнеилак алахәылацәа минуҭктәи аҿымҭрала иҭахаз ргәаладыршәоит.
Сынтәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан абиԥарақәа реимадара. Актәи ацәаҳәақәа рҿы игылан ашколхәыҷқәеи аҿари, урҭ рзы акциа аҽалархәра хатәы ҭоурыхыуп. 

Акциа еиҿыркааит В.Г. Арӡынба ихьӡ зху аибашьра ахьӡ-аԥша Аҳәынҭқарратә музеии, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи, Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи. Ацхыраара ҟарҵеит аҳҭнықалақь ахадареи «Аволонтиортә Рота» Аԥснытәи аҟәша аибашьцәеи, урҭ алахәылацәа амҩа иқәнаҵы ирыцын.


Read 271 times