Адныҳәалара атекст аҟны иҳәоуп:
«Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!
Гәык - ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аныҳәа ду - Аиааира Амш!
Иԥшьоу ари амш наунагӡа ауаатәыҩса рҭоурых ианылеит агәымшәареи, ахачҳареи, аԥсадгьыл абзиабареи ирсимволны.
Иага шықәса царгьы, Аиааира ду аҵакы еицакра ақәӡам - уи абиԥарақәа зегьы рзы мҩақәҵаганы ишыҟаз иаанхоит.
Аԥсны жәлар Асовет Еидгыла ажәларқәа зегьы реиԥш, аԥсадгьыл ду анемец-фашисттә мпыҵахалаҩцәа рацәыхьчаразы игылеит.
Зықьҩыла ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа афронт ахь ицеит афырхаҵареи ахамеигӡареи аарԥшны. 55 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны аҵеицәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа рхы аладырхәит, урҭ рахьтә 17 нызқьҩык инареиҳаны аибашьра адәаҿы иҭахеит, Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵоуп 23 – ҩык. Урҭ зегьы наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа афырхацәа ирҿырԥшны урҭ рыхшареи рмаҭацәеи хьыӡла-ԥшала афырхаҵареи апатриотизми рытрадициақәа ирыцҵо, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәс хьанҭақәа раан ҳ-Аԥсадгьыл ахьчаразы хацәнмырха игылеит, Аиааирагьы ргеит.
Ҷыдала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит иахьа иҳадгылоу, аҳаҭыр ду иаԥсоу ҳветеранцәа. Шәара аамҭақәа реиқәҿыҭра алзыршаз, аибашьра иазку аиаша иаҿахәҳагахаз, иаашәырԥшыз агәымшәареи ахамеигӡареи рыла ҳара ҳзы иҿырԥшыганы иҟоу фырхацәа иашақәоуп. Ҳара ҳзы уалԥшьаны иҟазароуп иахьа шәара шәеиҷаҳара, ишәыхәҭоу адгылара шәыҭара. Шәҿаԥхьа ҳхырхәоит аиааиреи, аҭынч ԥсҭазаареи, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш аргылареи рзы иҳамоу алшаразы.
Иахьа, даҽа аамҭанык еиԥшымкәа аҭоурыхтә ҵабырг мырӡкәа, еиқәырханы аԥхьаҟагьы егьырҭ абиԥарақәа ирхьыгӡалатәуп. Аҭоурых даҽакала ахҩылаара, асовет жәлар иргаз Аиааира иамоу аҵак ду армаҷра, ахақәиҭреи аҭынчреи зыхьчаз миллионҩыла ауаа рфырхаҵара аицакра ҟамлароуп.
Аҵак ду змоу ари амш азы иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп аветеранцәа реиԥш, атыл аҟнытә ацхыраара ду ҟазҵоз, убас, Аиааираҿы злгамаламҭа ыҟоу зегьы. Иҭахаз рыхьӡ кашәара ақәымзааит!
Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҭынчра, ахирра! Аиааира Ду амш ҳаԥсадгьыл аизҳазыӷьаразы ҳауаажәлар реидгылара иамоу аҵак ду ҳгәалазыршәо рыцхәны иҟазааит наунагӡа.
Даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалоит Аиааира Ду амш́!»
