Жәлар Реизара адепутатцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы Аҳәынҭқарратә еилакы ахаҭарнакцәеи рԥылеит Аԥснытәи акультуратә центрқәа Рфедерациа ахада Иауз Аҭрышбеи Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡбеи. Излацәажәоз тема хаданы иҟан ҳџьынџьуаа рырхынҳәра. Аиԥылара алахәылацәа ихадоу ауснагӡатәқәа жәпакы азгәарҭеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп акультуреи аспорти русхкқәа рҿы ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара, иара убас аҩ-тәылак рҿар амадара рыбжьаҵара. Еиҵагыло абиԥара реимадарақәа рырӷәӷәаразы аделегациеи адиаспора ахаҭарнакцәеи еицырзеиԥшу акультуратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаара аԥшьыргеит.
